Аԥсны

Озган Аԥсны алашара аамҭеихшала арцәара изалагаз атәы лҳәеит

Аԥсны ахада идҵала Александр Анқәаб имҩаԥигеит Аԥсны фымцамчла аиқәыршәара азҵаареи аҩаӡарақәа зегь рҟны абиуџьетқәа рынагӡашьеи ирызку аоперативтә еизара.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны хәажәкыра 31 рҟынӡа иаарышьҭуа афымцамч амҽхак 600 миллион кВт•с артәоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит аекономика аминистр Кристина Озган аԥыза-министр имҩаԥигоз аилатәараан.
Александр Анқәаб адырра ҟаиҵеит Аԥсны хәыда-ԥсада урыстәылатәи афымцамч аиура азҵаара аӡбара алыршахеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ибжьаҟазара иабзоураны ҳәа.
Озган иазгәалҭеит хархәара зауа афымцамч амҽхак иахьацло азы иаарышьҭуа амҽхак фактлатәи ахархәара иеиҳауп ҳәа.
Лара лажәақәа рыла, адефицит цәырҵуеит афымцаҳақәа ахьажәуи, Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ахьмаҷуи, ахьҭақәа рымшала афымцамч ахархәара иахьацлои азы. Убас ала, алашаразы аԥкрақәа ралагаларада ԥсыхәа ыҟамызт лҳәеит лара.
Аекономика аминистр иаҵшьны илҳәеит абоненттә шәарақәа маҷны еизыргоит афымцамчԥхьаӡагақәа ахьықәгылам азы. Лара ишылҳәаз ала, урҭ рзықәгылоуп 20% ахархәаҩцәа.
Кристина Озган лдыррақәа рыла, уажәазы АЦә "Аҽгәара" аҿы аусурақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит, аха урҭ хара имгакәа ихыркәшахоит.
Аԥыза-министр анапынҵа ҟаиҵеит аремонттә усурақәа ҷыдала ирхылаԥшларц, атәыла афымцамч система иадҳәалоу аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргаларц.