Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин арратә операциа ҷыда алахәылацәа рыдгылара шхымԥадоу иҳәеит

Арратә операциа ҷыда иалахәу аррамаҵзурауааи урҭ рҭаацәарақәеи аҳәынҭқарра аганахьала азхьаԥшра рымазароуп, рыдгылара дара рзы аҵак ду амоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит арратә операциа ҷыда алахәылацәеи урҭ рҭаацәарақәеи рывагылара аҵак ду шамоу, избан акәзар урҭ ирныруазар ауп ртәыла шрықәгәыӷәуа, рнапынҵақәа шеилыркаауа.

"Зны-зынла аматериалтә цхыраара аиҳагьы ихымԥаданы иҟоуп аморалтә цхыраара. Уи акыр хра алоуп. Ауаа ирдыруазароуп рнапынҵақәеи рхықәки рҵакы шеилыркаауа, атәыла бӷас ишамоу", - иҳәеит ахада.

2022 шықәса жәабран 24 рзы Урыстәыла Украина абџьархыхрази Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчарази арратә операциа ҷыда амҩаԥгара иалагеит.