Аԥсны

Урыстәыла аҵара иҭоу аԥснытәи акурсантцәа Аԥсны АҶА аҿы апрактика иахысуеит

Аихшьаалақәа рыла ахәшьарақәа ықәыргылахоит, урҭ аҵарашықәс амҩаԥысраан иазыԥхьагәаҭахоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Урыстәыла АҶА аҳәынҭқарратә амцарцәаратә Академиа аҿы аҵара иҭоу аԥснытәи акурсантцәа Аԥсны АҶА араионтә ҟәшақәа рҿы апрактика иахысуеит.
Акурсантцәа ирҵоит атранспорт ҷыда, ахархәага ҷыдақәа аус рыдулашьа, амцарцәагақәа реиҵыхшьа. Аҩбатәи акурс астудентцәа апрактика иахыслоит абжьаратә маҵурауаа рыҳасаб ала, аԥшьбатәи акурс астудентцәа – аҟарул реиҳабацәа рыҳасаб ала.
Ҩымчыбжьтәи апрактика аихшьаалақәа рыла ахәшьарақәа ықәыргылахоит, урҭ аҵарашықәс амҩаԥысраан иазԥхьагәаҭахоит, ирзырхиахоит рмаҵзуратә ҟазшьарбагақәа.