Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: ажьырныҳәа 12 ауха Соледар ахы иақәиҭтәын

Соледар ахақәиҭтәра иалнаршоит Артиомовск итәоу украинатәи ар бџьарла реиқәыршәара аиԥырҟьареи амацәаз рҭакреи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррала ажьырныҳәа 12 ауха Соледар ахы иақәиҭтәын.
"Донецктәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа қәҿиарала рымҩаԥгаразы аҵакы зманы иҟаз Соледар ажьырныҳәа 12 ауха ахы иақәиҭтәын", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Соледар ахы иақәиҭтәын Урыстәыла арратә мчқәа рартиллериеи авиациеи аракетатә ари ржәыларала иабзоураны ҳәа рҳәоит аминистрраҟны.
Аҵыхәтәантәи ахымш рыҩнуҵҟа Соледар иҭархоуп 700-ҩык рҟынӡа украинатәи аруааи 300 ак инареиҳаны абџьари.
Атәылахьчараҿы иазгәарҭеит "Соледар ахақәиҭтәразы урыстәылатәи аруаа қәҿиарала еинырны ажәылара мҩаԥыргеит" ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аҳаир-десанттә ар Соледар ладеи ҩадеи амацәаз иҭаркит