Аԥсны

Аԥсуаа абиԥарала иаарго: Ажьырныҳәа Мгәыӡырхәа ишаԥылаз

Ажьырныҳәа азгәарҭон аԥсуа ҭаацәарақәа реиҳарак ажьырныҳәамза 13-14 руха.
Sputnik
Ажьырныҳәа зқьышықәса ирықәлоуп. Аԥсуаа жәытәнатә аахыс абиԥарала еимданы иаарго ныҳәоуп. Уи зыдҳәалоу Ажьира анцәахәы Шьашәы-Абжьныха иоуп.
Ажьира змоу аҭаацәара рҿы ари аҭыԥ баша иахьжьиуа ҭыԥ мацарам. Ари иԥшьоу ҭыԥуп, аброуп есышықәса еизаны Шьашәы-Абжьныха иахьимҵаныҳәо, ашьтәа агәи агәаҵәеи ирбаны, аҳаԥшьаҩы аанкыланы, Ажьира иаҵагылоу рыцԥхьаӡа ацәашьқәа ҩылны, рхы, рҭаацәа, рыжьрацәара ахьырныҳәо.
Ажьира амарҭхәс иҟоуп аԥсангьери, арыҭәа, ажьаҳәа - ахнапы ҳәа изышьҭоу. Абарҭ рыхԥа аб иҟынтәи аԥа иахь ииасуеит абиԥара-абиԥарала.
1994 шықәса инаркны Аԥсны ажьырныҳәамза 14 ныҳәатә ԥсшьарамшны иазгәарҭоит. 2022 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аԥсахрақәа аланагалеит "Аныҳәақәеи агәалашәаратә мшқәеи рзы" азакәан ахь. Уажәшьҭа ари амш иахьӡуп "Ажьырныҳәа - Аԥсуа ртрадициатә қьабзтә ныҳәа".
Сынтәатәи аныҳәазы Sputnik Аԥсны афотокорреспондент Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа Жьиаа рҭаацәарахь дцеит.
1 / 12

Ажьырныҳәамза 13-14 рзы аԥсуаа аӡәырҩы иазгәарҭоит иԥшьоу Ажьира аныҳәа - Ажьырныҳәа.

2 / 12

Ари аҽны хымԥада ашьтәа ршьуеит - ицқьоу абшьтәа мамзаргьы ацә.

3 / 12

Аҭаацәара рыцԥхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит.

4 / 12

Ажьырныҳәа шьыжьнаҵы аҽазыҟаҵара иалагоит.

5 / 12

Аусқәа зегьы амра ҭашәаанӡа урыхьӡароуп.

6 / 12

Ажьырныҳәазы арасамахәқәа ҿырхуеит.

7 / 12

Урҭ рцәа рхыхны ибзианы ирцәуеит.

8 / 12

Избанзар ашьтәа агәи агәаҵәеи зхарҵо расамахәзароуп.

9 / 12

Аҭаацәа рыцԥхьаӡа иара убас рнапала иҟарҵоит ацәашьқәа. Амра анҭашәалак ажьира иаҵагылоу зегь еицны уахь инеиуеит.

10 / 12

Ажьира Анцәахәы Шьашәы-Абжьныха иахьимҵаныҳәо аҭацацәа анеира азин рымаӡам.

11 / 12

Аныҳәаҩ аҭаацәа реиҳаб иоуп. Иара иныҳәаԥхьыӡ аҿы Ҳазшаз диҳәоит Ажьырныҳәа алԥха рыманы, агәыԥха рыманы, абри аныҟарҵарнахыс иҳабаргузеи ҳәа рхы-ргәы иақәгәырӷьо, ҭаацәала игәырӷьо иҟаиҵарацы.

12 / 12

Анаҩс зегьы аҩыцқьала аныҳәаҿақәа шьҭыхны, агәи-агәаҵәеи ргьама баны, аҩныҟа ихынҳәуеит, иадыргалаз афатә-ажәтә игәырӷьо-иччо иахатәаны рныҳәа иацырҵоит.