https://sputnik-abkhazia.info/20230114/1043600693.html
Аԥсуаа абиԥарала иаарго: Ажьырныҳәа Мгәыӡырхәа ишаԥылаз
Аԥсуаа абиԥарала иаарго: Ажьырныҳәа Мгәыӡырхәа ишаԥылаз
Sputnik Аҧсны
Ажьырныҳәа азгәарҭон аԥсуа ҭаацәарақәа реиҳарак ажьырныҳәамза 13-14 руха. 14.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-14T13:10+0300
2023-01-14T13:10+0300
2023-01-14T13:19+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/0e/1043600860_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_e0cbab4f6b2796b94a7707b67f2b4e27.jpg
Ажьырныҳәа зқьышықәса ирықәлоуп. Аԥсуаа жәытәнатә аахыс абиԥарала еимданы иаарго ныҳәоуп. Уи зыдҳәалоу Ажьира анцәахәы Шьашәы-Абжьныха иоуп. Ажьира змоу аҭаацәара рҿы ари аҭыԥ баша иахьжьиуа ҭыԥ мацарам. Ари иԥшьоу ҭыԥуп, аброуп есышықәса еизаны Шьашәы-Абжьныха иахьимҵаныҳәо, ашьтәа агәи агәаҵәеи ирбаны, аҳаԥшьаҩы аанкыланы, Ажьира иаҵагылоу рыцԥхьаӡа ацәашьқәа ҩылны, рхы, рҭаацәа, рыжьрацәара ахьырныҳәо.Ажьира амарҭхәс иҟоуп аԥсангьери, арыҭәа, ажьаҳәа - ахнапы ҳәа изышьҭоу. Абарҭ рыхԥа аб иҟынтәи аԥа иахь ииасуеит абиԥара-абиԥарала.1994 шықәса инаркны Аԥсны ажьырныҳәамза 14 ныҳәатә ԥсшьарамшны иазгәарҭоит. 2022 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аԥсахрақәа аланагалеит "Аныҳәақәеи агәалашәаратә мшқәеи рзы" азакәан ахь. Уажәшьҭа ари амш иахьӡуп "Ажьырныҳәа - Аԥсуа ртрадициатә қьабзтә ныҳәа".Сынтәатәи аныҳәазы Sputnik Аԥсны афотокорреспондент Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа Жьиаа рҭаацәарахь дцеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/0e/1043600860_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_95b986ee5111d5afbc80f9e8460e5874.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Аԥсуаа абиԥарала иаарго: Ажьырныҳәа Мгәыӡырхәа ишаԥылаз
13:10 14.01.2023 (ирҿыцуп: 13:19 14.01.2023) Ажьырныҳәа азгәарҭон аԥсуа ҭаацәарақәа реиҳарак ажьырныҳәамза 13-14 руха.
Ажьырныҳәа зқьышықәса ирықәлоуп. Аԥсуаа жәытәнатә аахыс абиԥарала еимданы иаарго ныҳәоуп. Уи зыдҳәалоу Ажьира анцәахәы Шьашәы-Абжьныха иоуп.
Ажьира змоу аҭаацәара рҿы ари аҭыԥ баша иахьжьиуа ҭыԥ мацарам. Ари иԥшьоу ҭыԥуп, аброуп есышықәса еизаны Шьашәы-Абжьныха иахьимҵаныҳәо, ашьтәа агәи агәаҵәеи ирбаны, аҳаԥшьаҩы аанкыланы, Ажьира иаҵагылоу рыцԥхьаӡа ацәашьқәа ҩылны, рхы, рҭаацәа, рыжьрацәара ахьырныҳәо.
Ажьира амарҭхәс иҟоуп аԥсангьери, арыҭәа, ажьаҳәа - ахнапы ҳәа изышьҭоу. Абарҭ рыхԥа аб иҟынтәи аԥа иахь ииасуеит абиԥара-абиԥарала.
1994 шықәса инаркны Аԥсны ажьырныҳәамза 14 ныҳәатә ԥсшьарамшны иазгәарҭоит. 2022 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аԥсахрақәа аланагалеит "Аныҳәақәеи агәалашәаратә мшқәеи рзы" азакәан ахь. Уажәшьҭа ари амш иахьӡуп "Ажьырныҳәа - Аԥсуа ртрадициатә қьабзтә ныҳәа".
Сынтәатәи аныҳәазы Sputnik Аԥсны афотокорреспондент Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа Жьиаа рҭаацәарахь дцеит.

Ажьырныҳәамза 13-14 рзы аԥсуаа аӡәырҩы иазгәарҭоит иԥшьоу Ажьира аныҳәа - Ажьырныҳәа.

Ари аҽны хымԥада ашьтәа ршьуеит - ицқьоу абшьтәа мамзаргьы ацә.

Аҭаацәара рыцԥхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит.

Ажьырныҳәа шьыжьнаҵы аҽазыҟаҵара иалагоит.

Аусқәа зегьы амра ҭашәаанӡа урыхьӡароуп.

Ажьырныҳәазы арасамахәқәа ҿырхуеит.

Урҭ рцәа рхыхны ибзианы ирцәуеит.

Избанзар ашьтәа агәи агәаҵәеи зхарҵо расамахәзароуп.

Аҭаацәа рыцԥхьаӡа иара убас рнапала иҟарҵоит ацәашьқәа. Амра анҭашәалак ажьира иаҵагылоу зегь еицны уахь инеиуеит.

Ажьира Анцәахәы Шьашәы-Абжьныха иахьимҵаныҳәо аҭацацәа анеира азин рымаӡам.

Аныҳәаҩ аҭаацәа реиҳаб иоуп. Иара иныҳәаԥхьыӡ аҿы Ҳазшаз диҳәоит Ажьырныҳәа алԥха рыманы, агәыԥха рыманы, абри аныҟарҵарнахыс иҳабаргузеи ҳәа рхы-ргәы иақәгәырӷьо, ҭаацәала игәырӷьо иҟаиҵарацы.

Анаҩс зегьы аҩыцқьала аныҳәаҿақәа шьҭыхны, агәи-агәаҵәеи ргьама баны, аҩныҟа ихынҳәуеит, иадыргалаз афатә-ажәтә игәырӷьо-иччо иахатәаны рныҳәа иацырҵоит.