Шьҭа хәба-фба шықәса раахыс ажьырныҳәамза аныҳәамшқәа рзы аҳаԥы есҽны иаартуп аҭааҩцәа рзы иҳәеит Ԥандариа.
"Сынтәа аҳаԥы иаҭааз ртәы уҳәозар, ҵыԥх аасҭа еиҵоуп 6 нызқьи хышәҩык инарыцны аԥсшьаҩцәа. Уи хәыҷи дуи еизакны. Ԥарала иугозар, 4 миллионки 496 нызқь мааҭ артәеит амза 1 инаркны 11-нӡа. Ҵыԥх 9 нызқьи хәышәҩык рҟынӡа ҳзааит. Усҟан уи ԥарала иартәеит 7 миллионки 421 нызқь мааҭ", - иҳәеит Ԥандариа.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит сынтәа Афонҿыцтәи аҳаԥы аҟны усурақәас имҩаԥыргарц ргәы иҭоу атәы.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.