Аԥсны

Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәшәаразы ашықәстәи аплан нагӡоуп 122% рыла

Планла иарбази фактла иалалаз ашәахтәқәеи реивыгара 759,0 млн мааҭ ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. 2022 шықәсазы ашәахтәшәара иартәеит 4,285 млрд мааҭ, планла иарбаз 3,526 млрд мааҭ рҭыԥан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра.
Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәшәаразы ашықәстәи аплан нагӡоуп 122% рыла.
2021 шықәса рзы ашәахтәшәара иартәеит 3,394 млрд мааҭ.
Ҵыԥхцәа абри аамҭа иаҿырԥшны ашәахтә лагалақәа ирызҳаит 126% рыла, иааизакны 886,3 млн мааҭ рыла еиҳаны.
2022 шықәса рзы ашәахтәқәа раионла шаҟа аланагалаз:

Ақалақь, араион

Планла иарбаз

Иалалаз

Аҟәа

1,752 млрд мааҭ

2, 064 млрд мааҭ

Гагра араион

910,9 млн мааҭ

1,178 млрд мааҭ

Гәдоуҭа араион

376,3 млн мааҭ

457,7 млн мааҭ

Аҟәа араион

162,1 млн мааҭ

170,7 млн мааҭ

Гәылрыԥшь араион

76,1 млн мааҭ

103,4 млн мааҭ

Очамчыра араион

162,4 млн мааҭ

192,4 млн мааҭ

Тҟәарчал араион

34,9 млн мааҭ

61,8 млн мааҭ

Гал араион

51,2 млн мааҭ

56,2 млн мааҭ