АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада игәанаҭоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаҩшәҟәқәа русбарҭеи уи аҟәшақәеи 2019 шықәса инаркны 2022 шықәса налаҵаны имҩаԥыргоз русураан атәылауаҩразы азакәанԥҵара ишақәныҟәоз.
Агәаҭарақәа мҩаԥнагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара анагӡашьа агәаҭаразы Аусбарҭа.