Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Багаҭелиа аӡынтәи атуристтә ныҟәарақәа ирызкны

Аӡынтәи аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рхыргарц Аԥсны сынтәагьы иаҭааз маҷҩым. Бзиа еицырбо аҭыԥқәа роуп еиҳарак изыдҵаало. Аекскурсиа амҩаԥгаҩ Баграт Багаҭелиа еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны аԥсшьаҩцәа сынтәатәи ргәазыҳәарақәа зеиԥшраз.
Sputnik
Аԥхын еиҳарак изҭаауа аҭыԥқәа аӡынгьы аԥхьатәи аҭыԥқәа ааныркылоит, хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа зҭаауа ракәны иҟоуп, иҳәеит Багаҭлиа. Аӡынтәи Риҵа аԥшӡара ихнахуа рацәаҩуп, уахь ихалоит рфотосахьақәа ҭырхырц, иблахкыгоу аԥсабараҟны аамҭа рхыргарц. Убасгьы ирацәаҩуп Аҟәа иаҭаауа, Кындыӷи Приморск ақыҭақәеи рӡырԥхақәа ирҭало ҳәа азгәеиҭеит аекскурсиа амҩаԥгаҩ. Иара еиқәиԥхьаӡеит Аԥсны аӡын зегь реиҳа изҭаауа аҭыԥқәа хәба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.