Аԥсны

Ҩыџьа ауаа ҭахеит Гәылрыԥшь араион аҿы амҩатә машәыр аан

Ҩ-машьынак еиҿасит ареспубликатә трасса 126-тәи акилометр аҿы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Ҩыџьа ауаа ҭахеит, хҩык аахақәа роуит Гәылрыԥшь араион аҿы асабша, ажьырныҳәа 14 рзы иҟалаз амҩатә машәыр аан. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭаҿы.
Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы амашәыр шыҟалаз азы адырра ҟалеит асааҭ 15:51 рзы.
Аиқәырхаҩцәа аннеиз, амашәыр зыла иабаз ауаа аахақәа зауз амашьынақәа ирҭыганы ахәшәырҭахь иргахьан.