Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ажьырныҳәа 16 рзы

Аӡрыжәтә аанкылахоит аҳҭнықалақь араионқәа реиҳарак рҿы асааҭ 00:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит уаҵәы, ажьырныҳәа 16 рзы ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыканал" апресс-маҵзура.
Аӡы ааныркылоит асааҭ 00:00 рзы, иоурышьҭуеит асааҭ 19:00 рзы. Ӡрыжәтәда иаанхоит Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, ВИЕМ, Колос, Ешба имҩа, аихамҩаангыларҭа, аџьармыкьа, ашьхара иахьаԥну араионқәа рҿы.
Аӡы ааныркылоит аремонттә усурақәа ирыхҟьаны.