Америкатәи аҭыԥҳа даиааит аицлабра "Мисс Вселенная" 2022 аҿы

Аицлабра афинал мҩаԥысит Орлеан ҿыц, аштат Луизиана, уи иалахәын 86 тәыла.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа рхаҭарнак Р'Бонни Габриель аиааира лгеит аҭыԥҳа ԥшӡақәа реицлабра "Мисс Вселенная", аанацҳауеит аицлабра асаит.
28 шықәса зхыҵуа Габриель Венесуела ахаҭарнак Аманда Дудамель дылиааит. Ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит Доминиканатәи Ареспублика ахаҭарнак Андреина Мартинез.
Урыстәыла ахьӡала аицлабра далахәын оренбургтәи Анна Линникова, лареи украинатәи аҭыԥҳа Викториа Апанасенкои аиналбжазы алԥшаарақәа раан иалшәеит.
Аицлабра "Мисс Вселенная" есышықәса 1952 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Уи иалахәхар рылшоит амилаҭтә еицлабрақәа рҟны аиааира згаз аҭыԥҳацәеи 18-28 шықәса зхыҵуа, зоура-зыҭбаара ыҟоу, зхы-зҿы ԥшӡоу егьырҭ аҭыԥҳацәеи.
Дара аҭаацәара иаламлацзароуп, ахәыҷқәа рымамзароуп. Хьымӡӷ рымгацзароуп, аҽеиҭакра бзиақәа аадырԥшлароуп, аволонтиорра иалахәзароуп, иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара ахьчара иашьҭазароуп.