Амилаҭтә мобилтә операциатә система аԥырҵоит Урыстәыла

Иахьатәи аамҭазы урыстәылауаа реиҳараҩӡак аҳәаанырцәтә мобилтә операциатә системақәа рхы иадырхәар ауп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Амилаҭтә мобилтә операциатә система аԥҵара аус адырулалоит VK, "Яндекс", "Сбер", "Ростелеком", абри атәы ааицҳауеит аинформполитиказы адуматә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Антон Горелкин.
"Аусадулаҩцәа еидгыланы ргәы иҭоуп аилахәыра Huawei аганахьала Еиду Америкатәи аштатқәа асанкциақәа аналаргала, уи иаанарԥшыз ақәҿиара аҩыза аҟаҵара. Усҟан Huawei иаԥнаҵар акәхеит Android зегь рыла ианаало ахатәы операциатә система аԥҵара, аха ахатәы маҵура хадақәа аманы, аԥшьқәа рыдәқьанқәагьы налаҵаны. Абри аҩыза адәқьан амоуп VK, акартографиатә маҵуреи аинтерфеистә цхыраагӡақәа – "Яндекс", "Сбер" иамоуп атәылаҿы зегь реиҳа ирылаҵәоу афинтех-маҵзура. Уажәшьҭа иаҭаху урҭ зегь еидкыланы аџьармыкьахь анашьҭоруп - уи ҿҳәара кьаҿла аҟаҵара алшоит", — ҳәа иҩит Горелкин ителеграм-канал аҿы.
Апарламентари иажәақәа рыла, ари амилаҭтә ҵакы змоу ИТ-проект ду акәхоит.