Непал аҳаирплан каҳан, жәаҩыла ауаа ҭахеит

Аҳаирплан ԥыруан Непал аҳҭнықалақь Катманду ахь, уи иақәтәан 72-ҩык ауааԥсыра, аекпиж алахәылацәа алаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Авиаеилахәыра Yeti Airlines иатәыз апассаџьыртә ҳаирплан ATR 72 каҳаит Непал, жәабыла ауаа ҭахеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҭыԥантәи аиҳабыра иаарыцҳаз адырра шьаҭас иганы.

"Уажәазы иҳаԥшаахьеит аԥсыбаҩқәа 29, иара убас зыԥсы еиқәхаз ԥыҭҩык ахәшәтәырҭахь идәықәаҳҵеит", - ҳәа аҭыԥантәи ачынуаҩ иажәақәа аанагоит амаҵзура.

Аҳаирплан ахы хан Катмандуҟа, уи каҳаит ақалақь Покхара ажәытәи аҿыци аҳаирбаӷәазақәа рыбжьара, ахҭыс зыла иабаз ражәақәа рыла, иара тәарц ишаҿыз аӡиас Сати иалаҳаит. Арныҟәцаҩцәа изларылшоз ала ауаа реиланхарҭақәа ирывыргарц иаҿын.
Аҳаирплан иҭатәан 68-ҩык апассаџьырцәа, урҭ рыбжьара хҩык асабицәа, иара убас ԥшьҩык аекипаж алахәылацәа. 15-ҩык апассаџьырцәа ҳәаанырцәуаан, урҭ рахьтә ԥшьҩык - урыстәылатәиқәоуп.