АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны арҽеиратә усурақәа актәи ахәҭа хыркәшоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ИАЕ "Строймонтаж" адиректор Русҭам Цәеиба.
"Актәи ахәҭаҟны иарбаз арҽеиратә усурақәа зегьы хыркәшоуп. Амҿы иалхә хә-шәык рҿаҵарада зегь ҟаҵоуп. Аҩбатәи ахәҭаҟны аҩбатәи аихагылаҟны аклассқәа еиҭашьақәыргылахоит. Аремонт абиуџьет иарбоуп", - иҳәеит иара.
Цәеиба иажәақәа рыла, иқәдыргыланы иҟоу ашәқәа рычаԥашьеи ишҭыԥҟои стандартым, уи аҟнытә краснодартәи азауадқәа руак аҟны иҟарҵоит. Иааиуа амзазы Аԥсныҟа иаагахоит.
Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны аремонт усурақәа ирылаган шықәсыбжак уажәаԥхьа Аԥсны аиҳабыра рыдҵала. Арҽеиратә усурақәа ирзоужьын 5,7 миллион мааҭ.
Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа шьаҭаркын 1930 ықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музыкатә техникум ҳәа. Ари Аԥсны ираԥхьатәиз музыкатә ҵараиурҭан. Амузыкатә техникум арҵаҩцәа реилазаара алшарала культуратә центрны, акадрқәа еиҵанааӡо иҟалеит.
1933 шықәсазы атехникум аҿы аусура иалагеит асимфониатә оркестр, аҳәынҭқарратә квартет, жәлар ринструментқәа роркестр. 2002 шықәсазы еицырдыруа аԥсуа композитор Алықьса Чычба ихьӡ ахырҵеит.
Иахьа араҟа аус руеит: афортепиано, ахыцтә инструментқәа, жәлар ринструментқәа, авокал, ахортә дирижиорра, амузыка атеориа, жәлар рхортә ҟазара, аестрада рыҟәшақәа.