Гагра инхо, аха шьҭрала Џьырхәа ақыҭа иалҵыз, иахьа Гьечрыԥшьи Цандрыԥшьи рыбжьаратә школқәа реиҳабы Махаз Ешба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа қыҭақәа рҭагылазаашьазы игәаанагара, ақыҭа школқәа рҿы ахәыҷқәа рмаҷхара мзыс иамоу, уи аҭагылазаашьа аԥсахразхы иҟаҵатәу дырзааҭгылеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.