Аԥсны

Хьыбла Гьерзмааԥҳа лмузыкатә еицлабраҿ иаиааиз рыӡбахә ҳәоуп

Хьыбла Гьерзмааԥҳа лмузыкатә еицлабра мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 13-20 рзы. Аицлабра анагӡаҩцәа қәыԥшцәа ирнаҭоит алшара еицырдыруа аоператә сценақәа рҿы ақәгылара, ашәаҳәаҩ лфонд еиҿнакаауа аконцертқәа рылахәхара.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. К.С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Амузыкатә театр асцена маҷ аҿы ирылаҳәан Хьыбла Гьерзмааԥҳа лмузыкатә еицлабраҿ иаиааиз рыхьӡқәа, абри атәы аанацҳауеит аицлабра аофициалтә Telegram-канал.
Актәии аҩбатәии аԥхьахәқәа роуит урыстәылаа: Васили Попови Марк Вазеи, ахԥатәи –Елена Вардазариан (Ермантәыла).
Уи адагьы апианистцәа-концертмеистерцәа Ргильдиа ахьӡала аԥхьахә ҷыдақәа ранашьан. Аконкурсант Дмитри Трофимов Екатерина Ганелина лҟынтә аҟазаратә-класс аиураз алшара иҭахеит, Елена Вардазариан бжьымштәи аҟазаратә-классқәа роуразы бжьымштәи асертификат ланашьахеит, Марина Алтухова "аконцертмеистертә ҟазара ашколқәа 15 " ахьтәы фонд аҭаҩрақәа лоуит, Васили Попов далахәхар илшит А.Н. Скриабин Имемориалтә музеи аҟны аконцерт.
Авокалистцәа рзы аицлабра иацҵахоит. Аҩбатәи атур мҩаԥгахоит ажьырныҳәа 17-18 рзы, ахԥатәи – ажьырныҳәа 20 рзы, ажьырныҳәа 22 азы имҩаԥгахоит аиааиҩцәеи алауреатцәеи ргала-концерт.