Аҟәа ақалақь аҿы ари ашықәс иалагӡаны амцакрақәа 9 ҟалахьеит, урҭ зегьы ԥсыҭбарада, ҳәа адырра ҟаиҵеит амцарцәаҩ. Ҭемыр Кәыҵниа еиҭеиҳәеит ааигәа аҳҭнықалақь ахатәыҩнаҿы абылра шыҟалаз атәы.
"Аԥшәма ианаамҭаз адырра ҟаимҵеит, ихала арцәара далагеит. Аҩны ахԥатәи аихагыла амҿы иалхын, ҳаннеи уи амца иамҽханакхьан, уи ауп изблызгьы", - еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.
Аныҳәақәа раан ҳусура еиҳагьы иҳарӷәӷәоит, аԥсшьарамшқәа раан арԥхагақәа ирыхҟьаны иҟан амцакрақәа, аха урҭ зегьы иманшәалан иҳарцәеит, ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
АҶА Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы ақалақь аҿы иаҳа ирацәан абылрақәа, 2021 шықәса аасҭа. Ауаа ишеилыркаауагьы абылрақәа ирхылҿиаауа аԥхасҭа шырацәоу, зегь акоуп аԥҟарақәа еиларгоит иҳәеит амцарцәаҩ.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.