Шәача ирыгәҭакуп амшынтә маршруткақәа русура ахацыркра

Шәача амшынтә маршруткақәа аус руан асовет аамҭазы, акурорти агәыларатә қалақьқәеи еимардон.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Шәача ирыгәҭакуп амшынтә маршруткақәа русура ахацыркра, абри атәы РИА Новости иазеиҭалҳәеит Урыстәыла архитекторцәа Реидгыла алахәыла, АЕ "Альянс Марин Групп" адиректор хада Ольга Шебзухова.
Аилахәыра иагәҭакуп триллион мааҭ рҟынӡа аныхра аиахтатә баӷәазақәа (амаринқәа) рыргылареи амшынԥшаҳәатә цәаҳәа аҿиареи рзы. Арахь иаҵанакуеит апассаџьырцәа мшынла рымҩангарагьы.
"Амшынтә такси апассаџьыртә еимадара ахәҭа хадақәа иреиуоуп, амаринқәа рыргыларагьы акраҵанакуеит, избанзар амшын аисраан дара заҵәык роуп изырманшәало апассаџьырцәа шәарҭарада аӷба рақәтәареи рақәҵреи" - лҳәеит Шебзухова.
Лара лажәақәа рыла иҟалар ҟалоит ауадаҩрақәа: зышәагаа маҷу аӷбақәа амаринқәа рҿы абылтәы рҭаҭәаразы анормативтә база аҟамзаараз, аӷбақәа рҭаларҭақәа амшынԥшаҳәаҿ рыԥкра, апроект ахә адура.
Шәачантәи Мысраҟа амшынтә ныҟәарақәа хацыркхоит
Шебзухова илҳәеит апрект аинтерес змоу аинвесторцәа шазыԥшу преференциак аҳасабала ари аус аҳәынҭқарра аусхк алагалара.
СССР аамҭақәа рзы амшынтә маршруткақәа акурорти агәыларатә қалақьқәеи еимардон. 90-тәи ашықәсқәа раан апассаџьыртә еимадарақәа рхыԥхьаӡара каҳаит, аамҭақәак рышьҭахь амаршруткақәа зынӡа аныҟәара иаҟәыҵит.
Ииасыз ашықәс, лаҵарамзазы Шәачеи Аҟәеи амаршруттә такси рыбжьаҵан. Атуристтә ӷба "Грифон" Шәачеи Аҟәеи ирыбжьыслар акәын лаҵарамза инаркны жьҭаарамзанӡа, аха 2022 шықәса нанҳәамзазы атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны аныҟәарақәа аанкылан.