Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу ар ргәыԥ "Восток" аштаб агәаҭара мҩаԥигеит

Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы аррамаҵзура иахысуа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17- Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы аррамаҵзура иахысуа ар ргәыԥ "Восток" аштаб агәаҭара мҩаԥигеит, ар ргәыԥ акомандаҟаҵаҩ аинрал-леитенант Рустам Мурадов, иара убасгьы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы иҟоу арратә еидҵарақәа ркомандаҟаҵаҩцәа ражәахәқәа дырзыӡырҩит. Абри атәы аанацҳауеит арратә усбарҭа.
Шоигу азхьаԥшра ҷыда аиҭеит арратә операциа ҷыда иалахәу ар реиқәыршәара азҵаара аиҿкаара, афортификациатә усурақәа реиҿкаара, ар ршәарҭадаратә ҭагылазаашьа аибашьра адәаҿы аиҿкаара, амедицинатәии атыл аҿы иҟоуи арҟәшақәа русура.
Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы аррамаҵзура иахысуа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иаадырԥшуа агәымшәареи афырхаҵареи рзы аҳамҭақәа ранеишьеит.
"Хьыӡла-ԥшала шәмаҵура нашәыгӡоит, шәыԥсадгьыл шәыхьчоит, ацхыраара зҭаху шәрыцхраауеит, Аиааира амш арааигәараз шәықәԥоит", - иҳәеит аминистр.