Аԥсны

Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иалацәажәеит Апарламент аиҳаби Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи

Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини еиԥылеит ажьырныҳәа 18 азы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини.
Аиԥылара алахәылацәа иара убасгьы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ртемақәа ирылацәажәеит.
Аиԥылара иалахәын: Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан, азинтә зҵаарақәа рзы Апарламент аиҳабы иабжьгаҩ хада Денис Киут, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов.