Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин: хымԥада Урыстәыла Украина иаиааиуеит

Жәабран 24 раахыс Урыстәыла Украина абџьархыхрази Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчарази арратә операциа ҷыда мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциаҟны аиааира агоит, уи аҟны рыхәҭа алоуп атәылахьчаратә ааглыхра, абри атәы иҳәеит Владимир Путин Обуховтәи азауад аусзуҩцәеи иареи реиԥылараан.
Ахада иажәақәа рыла, шықәсык иалагӡаны Урыстәыла хынтә еиҳаны аракетақәа ҭнажьуеит ЕАА аасҭа.
Иааидкыланы атәылахьчаратә ааглыхра еиуеиԥшым аракетақәа ҭнажьуеит, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа реиԥш.
Путин аиааира агәра изырго далацәажәеит.

"Ҳиааира уасхырс иазышьҭоу акоуп- ажәлар реидгылара, ҳаибашьцәа аибашьра адәаҟны иаадырԥшуа агәымшәареи афырхаҵареи. Иара убас, атәылахьчаратә ааглыхра аусушьа, шәара шәзауад еиԥш иҟоу анаплакқәа, шәара шәеиԥш иҟоу ауаа, аекономика зегьы"- иҳәеит Путин.

Иазгәеиҭеит, абарҭ ахәҭақәа: ааглыхра, аҳәынҭқарратә финансқәа рҭагылазаашьа, аҭаацәарақәа рыдгылара, агәабзиарахьчара- Урыстәыла аиааира иацхраауеит.