Урыстәыла АҶ амаҵзура иатәу Аҳәынҭқарратә абылраҽацәыхьчаратә академиаҿы аҵара зҵо аԥсуа курсантцәа, ҳтәыла араионтә былраҽацәыхьчаратә ҟәшақәа рҿы апрактика иахысуеит. Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аиқәырхаҩцәа қәыԥшцәа ирымоуп алшара рԥышәа аизырҳаразы, атеориатә дыррақәа апрактикаҟны ахархәара рзыуразы.
"Есышықәса Урыстәыла аҵара зҵо акурсантцәа апрактика иахысуеит ара. Сынтәала аӡә иоуп иҟоу. Аҷаԥшьара ихигоит, иахәҭоу маҭәала деиқәыршәоуп. Амашәырқәа ахьыҟало дҭыҵуеит, амаругақәа русушьа идырбоит, изеиҭарҳәоит. Уа атеориа ауп изхысуа, ара иаҳа аԥышәа иоуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥачлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.