Аԥсны

Адунеи ақьырсианцәа Қьырса Иӡаахра амш азгәарҭоит

Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа Анцәа Иӡаахра азгәарҭоит ажьырныҳәа 19 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Адунеи ақьырсианцәа Қьырса Иӡаахра амш азгәарҭоит.
Қьырса Иӡаахра амш иазку анцәаимҵаныҳәарақәа Аԥсны аус зуа ауахәамақәа зегьы рҿы имҩаԥган.
Қьырса ныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп.
Ажьырныҳәа 19 (ажәытә стиль ала ажьырныҳәа 6) рзы Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа. Аныҳәа иара убасгьы Анцәаибара ҳәа иашьҭоуп.
Аныҳәа традициа хаданы иазыҟоуп аӡы аԥшьара. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽынгьы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убасгьы ари амш аҽны имҩаԥыргоит аӡаахрақәа.
Арадио
Аб Никита еиҭеиҳәеит Аӡӡаахра аныҳәа аҽшазыҟаҵатәу