Арадио

Аиереи Никита Иаса Қьырса иҽӡаахразы: ауаа ҳахәынгарақәа ирыхҟьаны аӡы зегьы иԥшьеит

Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иҟоу Анцәа иҽеиҭакра ахьӡала иргылоу ауахәама аԥшьаҩы аиереи Никита (Адлеиба) арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аӡӡаахра амш мамзаргьы Анцәаицәырҵра ҳәа изышьҭоу амш аҵакы, азгәаҭашьа, аӡаахра иаҵанакуа.
Sputnik
Ари аҽны аиаша қьырсианхаҵара адин ныҟәазго иргәаладыршәоит Иордан аӡиас аҟны Иаса Қьырса ацқьа Иоанн дшинаҭаз ахҭыс. Уи аҽны илабҿабахеит Хаӡәкны анцәа ицәырҵра. Хыхьынтә игаз аб Анцәа ибжьы: "Абри иоуп сара сԥа, изцу сгәаԥхара!". Анцәа иԥа Иордан аҟны зыҽӡаазхуаз, Аԥсыцқьа ахәыҳә ԥшра зманы хыхьынтә илбааз.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.