Аԥсны

Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсни, уи анҭыҵи атәылауаа рыхәшәтәразы апрограмма

Аиҳабыра рықәҵара анагӡара анапы ианҵоуп Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра, апрограмма анагӡаразы иарбоуп 90 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2023 шықәсазтәи "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿи анҭыҵи атәылауаа рыхәшәтәра" ахықәкытә программа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит иҷыдоу амедицинатә цхыраара аиура зызхымԥадатәиу атәылауаа шыҟоу, избанзар Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа дара рҭахрақәа ирықәшәом, ахәшәтәырҭақәа рҟны иахәҭоу амаругақәеи аҟазауааи ыҟам ҳәа.
Ари аҭагылазаашьа иахҟьаны Аԥсны атәылауаа атәыла анҭыҵ ҽыхәшәтәра ицар ауп.
Апрограмма иахықәкы хадақәаны ишьоуп ачымазцәа рыԥсҭазаара аҟазшьақәа реиӷьтәра, русуратә мчхара аиқәырхара, рхамыхәара аиҵатәра, аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара аларҟәра, аусуратә лшара змоу ауааԥсыра рыбжьара ахамыхәареи аԥсыҭбареи рырмаҷра, ахәыҷқәа рыбжьара ахамыхәареи аԥсыҭбареи рырмаҷра.
Адокумент иазыԥхьагәанаҭоит хымԥадатәи аоперативтә цхыраара зҭаху, агәы-дассатә, анервтә, ашьатә, акьыбатә, алатә чымазарақәа змоу ауаа ацхыраара рыҭара.
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара Аԥсны атәылауаа рыхәшәтәразы аныхрақәа ирыцырҵеит
Уи адагьы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахалоит агәыхьчымазара змоуи, зтехнологиа ҳараку ацхыраара зҭахны иҟоу ахәыҷқәа рҟынтәи аилыхрақәа.
Едуард Быҭәба иҳәеит 2021 шықәсазы апрограммала ареспублика анҭыҵтәи ахәшәтәырҭқәа рахь ишышьҭыз 1300-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.
2023 шықәсазы апрограмма анагӡаразы иарбоуп 90 миллион мааҭ.