Арадио

Џьапуа Нарҭдырреи афольклорҭҵаареи рцентр ҵыԥхтәи алҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит

Sputnik
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы 12 шықәса раԥхьа иаартыз Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусура шышьақәгылаз иҳаҩсыз ашықәсан, аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизгараҿы лшарақәас иҟаз, забацәа забдуцәа ирҳәамҭаны ажәытә жәабжьқәа здыруа, ирызҟазоу ауаа иахьа иҟоума, урҭ шырыԥшаауа, рҭаҩра шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аиҳабы, академик Зураб Џьапуа.
Иҳаҩсыз ашықәс азы имаҷымкәа аус мҩаԥыргеит, ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа ицәажәараҟны.
"Атекстқәа ҿыц ианаҳҵыз ыҟоуп, иара убас уаанӡа ианҵаны иҳамаз аус рыдаҳулон. Ҳара ҳҿы ихадароу, даара аҵакы змоу апроект ыҟоуп. Уи аԥсуа жәлар нарҭҳәамҭақәа аа –томкны рҭыжьра. Уи ҳаҿуижьҭеи акрааҵуеит. Абри ҳазҭалаз ашықәс азы ихҳаркәшоит, иҭҳажьуеит ҳәа иӡбаны иҳамоуп. 2022 шықәсазы абри апроект даара аус адаҳулон, ҳзыхьӡаз даара ирацәоуп", - иҳәеит Џьапуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.