Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР аҟны украинатәи аҳаирплан Су-25 карыжьит

Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи 98 раион рыҟны Украина Арбџьармчқәа иртәу 67 артиллериатә ҟәшеиҵа ааха рырҭеит .
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19– Sputnik. ДЖәР Полтавка араион аҟны урыстәылатәи авиациа иҭанархеит украинатәи аҳаирплан Су-25 ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы урыстәылатәи ПВОқәа Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҿы икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба.
Аусбарҭа иаанацҳауеит Купиансктәи ахырхарҭаҿы авиациеи артиллериеи ааха шрырҭаз УАМ, амеханизациа зызуу 14-тәии 92-тәии абригадақәа, ишҭархоу 30-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьына, автомашьынақәа ҩба, зхала иныҟәо агаубицақәа "Акация".
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы авиациеи артиллериеи ааха рырҭеит: 95-тәи адесант-жәыларатә бригада, амеханизациа зызуу 24-тәи абригада. Невское ааигәара иԥжәан артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭа. Аӷа ицәыӡит 60-ҩык инарзынаԥшуа аибашьцәа, акәылӡмашьына, апикапқәа хԥа, агаубица Д-20.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 80-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ԥшьба, франциатәи артиллериатә шьақәгыла "Caesar", америкатәи артиллериатә система М-777, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", САУ "Акация", аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50.
Алада –Донецктәи ахырхарҭаҿы иаанкылоуп еиҳа иманшәалоу аҭыԥқәа. Иҭархоуп 30-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа хԥа.