Арадио

Гоԥиа еиҭеиҳәеит аимҳәаду иазырхоу апрограмма иахьазы аус шауа

Аимҳәаду аҿагыларазы ареспубликатә диспансер аиҳабы Џьумбер Гоԥиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ачымазара ахәшәтәра иазырхоу апрограмма аус шауа, иахьазы шаҟаҩы ачымазцәа рымоу.
Sputnik
Аԥсны 7 миллион мааҭ аужьхоит аимҳәаду змоу сынтәа рыхәшәтәразы. Апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аҟынтә.
"Аԥара иазоужьу ҳазҳархоит. Адиспансер аҟны иахьазы 25-26 ҳзышьҭоуп. Рчымазара иахәҭоу ахәшәқәа зегьы Агәабзиарахьчара амнистрра аҟынтәи иҳауеит. Ачымазцәа хынтә акрырҿаҳҵоит, араҟа акрыфарҭа ҳамоуп, ҳазхиоуп аусура", - иҳәеит Гоԥиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ирыдыркылаз аӡбамҭа ачымазцәа ргәабзиара аҭҵаара иазырхоуп, астационартәи амбулатортәи ахәшәтәра, аимҳәаду аҿагыларатә методқәеи аформақәеи реиҿкаараҿы адунеитә лшамҭақәа рхархәара.
Апрограмма ахықәкы – Аԥсны аимҳәаду азы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара.
Аимҳәаду змоу рыхәшәтәразы апрограмма иалнаршоит 70% рҟынӡа аимҳәаду шьҭызкааз рышьақәыргылара, 80% рҟынӡа аимҳәаду змоу ауаа агәаҭара ралакра, зчымазара гәыгәҭажьу раарԥшра, 85% рҟынӡа ичмазаҩу рыхәшәтәра алыршара, ачымазара 20% аларҟәра.