Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу аоперациа иаарласны шықәсык ахыҵуеит. Ахҭысқәа ианрылагози ҿиашьаз ироузи реиԥшымзаара, иахьа имҩаԥысуа апроцессқәа иаҳдырбо, аганқәа иаадырԥшуа ахымҩаԥгашьеи мраҭашәаратәи ариторикеи, абри зегьы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит аинрал Закан Нанба.
Урыстәыла иаҿагыло аҳәынҭқаррақәа аус зынӡаск иҳарӷыӷкуеит ҳәа иаҿуп, аҭынчра ҟалар ҳҭахызар, аурыс даҵахароуп ҳәа игылоуп, аха урҭ рыхшыҩ зынӡа имаҷхазар ҳәа сшәоит ҳәа азгәаиҭеит аицәажәараҿы Нанба.
"Иахьатәи аус аҿы аурыс даҵахар ҟалаӡом. Аиадертә лаба зку дузаҵархазом. Ус ианыҟала, Европа аҳәынҭқарақәа рнапаҟны иҟалар, иакум алҵыр алшоит. Рҽеидкылаӡаны идәықәлар, ари абџьар змоу иакәым, измамгьы дгәамҵхьеит…", - ҳәа иҳәеит аинрал.
Закан Нанба иара убасгьы аибашьра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш атәы далацәажәеит. Даҽа ҩышықәса инеиуеит, аха Беларусиа алахәымхар ҟалаӡом ҳәа азгәеитеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.