Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар ҩ-қыҭак рхы иақәиҭыртәит

Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 150-ҩык аруаи, акәылӡмашьынақәеи, артиллериатә шьақәгылақәеи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аурыс рыр ДЖәР ақыҭа Клешьчеевкеи, Запарожиатәи аобласт ақҭа Лобковоеи рхы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Донецктәи ахырхарҭаҿы еилаԥыххаауп ареактивтә хгәыцәқәа рышьҭаҵарҭа, 60-ҩык рҟынӡа аруаа, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ҩба, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа "Гвоздика"– ҩба, агаубицақәа "Гиацинт-Б", Д-20.
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп аҳаирпланказарма УАМ абџьари аибашьыга техникеи, арадиолокациатә станциа AN/ТPQ-37 зыҩназ. Уахыки-ҽнаки рыла аӷа ицәыӡит 90-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа хԥа, зхала иныҟәо агаубица "Акация", агаубицақәа Д-20, Д-30.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп амеханизациа зызуу 92-тәи; 66-тәи абригадақәа, 95-тәи адесант-жәыларатә бригада. Еилаԥыххаауп артиллериатә џьаԥҳаны аҵәахырҭа, иҭархоуп 40-ҩык рҟынӡа аруаа, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, агаубица Д-20.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР аҟны украинатәи аҳаирплан Су-25 карыжьит
Купиантәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп УАМ амеханизациа зызуу 14-тәии 92-тәии абригадақәа, иҭархоуп 30-ҩык рҟынӡа аруаа, акәылӡмашьына, апикапқәа ҩба, агаубицақәа Д-20, Д-30.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп америкатәи артиллериатә шьақәгыла М109 "Paladin" агаубицақәа Д-30, "Мста-Б".
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит артиллериатә ҟәшеиҵақәа 78. Уи адагьы Херсонтәи аобласт аҿы икажьуп украинатәи авертолиот Ми-8, Харковтәи аобласт аҿы – аҽа верталиотк. Урыстәылатәи ПВОқәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба, аицҭырҟьагақәа HIMARS, "Ураган" рреактивтә хгәыцәқәа.