Шәача аҳауатә мпышҭа иқәхаз апассаџьырцәа вертолиотла еиқәдырхеит

Уаанӡа адырра ҟалахьан атуристцәа зҭатәаз аҳауатә мпышҭа Шәача ҵлак иаҿаԥаны аҳауа ишалахаз.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Шәача аҳауатә мпышҭа иқәхаз апассаџьырцәа вертолиотла еиқәдырхеит, дара рҭагылазаашьа хар амам ҳәа адырра ҟарҵеит Урыстәыла АҶА апресс-маҵзура.
Иҭатәан хәҩык ауаа, урҭ рахьтә ҩыџьа ахәыҷқәа ракәын. Рҭагылазаашьа хар амам, аахақәа ҳәа акгьы рмоуит.
Дара ишырҳәаз ала, акәыцҳа рхала иҭыҵны алыбаара рылшан, абна илалеит.
Краснодартәи атәылаҿацәа иатәу Ашьаустә еилакы ахҭыс шыҟалаз ҭнаҵаауеит.