Аԥсны

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина 101 шықәса лхыҵит

Валентина Шульгина диит ажьырныҳәа 22, 1922 шықәса рзы, аибашьра ианалага, лара 19 шықәса лхыҵуан.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран, Сталинградтәи аибашьра алахәыла Валентина Шульгина иахьа, амҽыша, ажьырныҳәа 22 рзы 101 шықәса лхыҵуеит.
Валентина Ефим-иԥҳа аныҳәа лыҩнаҭаҿы, лҭаацәа рыгәҭа даԥылоит. Лгәабзиара уажәшьҭа ибааԥсхагәышьеит.
2022 шықәса рзы Sputnik Аԥсны хаҭала аветеран шәышықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит.
Валентина Шульгина диит ажьырныҳәа 22, 1922 шықәса рзы. Аибашьра ианалага, 19 шықәса зхыҵуаз Валентин ҳақьымс аус луан Томск. 1941 шықәса нанҳәамзазы лара Омск еиҿкааз асанитартә взвод адҵаҟаҵаҩыс дҟарҵеит. Сталинград ахақәиҭтәра ашьҭахь лара лывзвод Курско-Орловтәи ахырхарҭахь ирышьҭит.
Валентина Ефим-иԥҳа аибашьра зегьы дахысит, аиааира даԥылеит Берлин, Реихстаг аҩыра анылҵеит. Сталинград азы аибашьраан иаалырԥшыз афырхаҵаразы лара иланашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.
Аԥсны
Валентина Шульгина: Бандера ишьҭрақәлаҩцәа зегь ықәхтәуп