Арадио

Гәбаз: аботаникатә баҳчақәа амеценатцәа ацхыраара рырҭоит, аха Аԥсны уи азы ихьысҳауп

Аҟәатәи аботаникатә баҳча аӡын аусушьа шеиҿкаау, аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рзы аҭааҩцәа шаҟаҩы рымаз, ахәԥсақәа шышьақәгылоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз.
Sputnik
Аныҳәамшқәа рзы Аботаникатә баҳча иаҭааз ауаа маҷӡам, амала ҵыԥх иаҿурԥшуазар, сынтәа еиҵоуп иҳәеит Гәбаз.
"Урыстәыла иҟоу жәбоит, иҭынчрам, аԥсшьаҩцәа сынтәа усҟак ыҟам. Аекскурсиақәа мҩаԥаагеит, инеиз гәахәала ирыдыркылеит аԥшӡара ирбаз, избанзар аԥхаррақәа инарымаданы ишәҭыз аҵиаақәа ыҟоуп", - иҳәеит Гәбаз.
Аботаникатә баҳча аиҳабы иазгәеиҭеит аҭааҩцәа иаларгало аԥара аҟынтәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәак мҩаԥыргартә алшара шроуа. Иара иазгәеиҭеит адунеи аҟны аботаникатә баҳчақәа аҳәынҭқарраҟынтәи ироуа ацхыраара анаҩс амеценатцәа адгылара ду шрырҭо, аха Аԥсны уи аганахьала ахьысҳара ыҟоуп. Убри аан Гәбаз иааигеит ҿырԥштә бзиак, абаҳча иаҭааз рҟынтәи аиҭаҳатә ала ацхыраара анроуз.
Аботаникатә баҳча иаҭаауа 7 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷкәа амалаҳәа инеиуеит, 7 инаркны 14 шықәсанӡа зхыҵуа 150 мааҭ ршәоит абилеҭ азы, адуцәа 400 мааҭ ахыршәаауеит. Аҭыԥантәи ауаа амалаҳәа иаҭаауеит Аҟәатәи аботаникатә баҳча, иара убас уи аҭаара хәыда-ԥсадоуп махашьахала зылшарақәа ԥку ауаа рзы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.