Аԥсны раԥхьатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны ааигәа аиҭашьақәыргыларатә усқәа мҩаԥган. Аусуразы аҭагылазаашьақәа зеиԥшроу, еицырдыруа амузыкантцәа еиҵазааӡахьоу акультуратә хәышҭаара иарбан лшарақәоу иамоу еиҵагыло абиԥара рмузыкатә баҩхатәра аизырҳаразы, аҟәшақәа шаҟа аарту, иарбан хырхарҭоу иаҳа аԥыжәара зырҭо, ԥхьаҟа зыԥсҭазаара амузыка иахәҭакны иҟаларц зҭаху, уҳәа арҭ азҵаарақәа дрылацәажәеит Алықьса Чычба ихьӡ зху Амузыкатә ҵараиурҭа аҵараҟәша аиҳабы Есма Кәыҵниаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.