АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Приднестровие Аԥсни дареи реиҩызара 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы амаркақәа ҭрыжьит, абри атәы аанацҳауеит ареспублика Ацифра аминистрра.
"Ари асериа ишәнардыруеит ҳаиҩызаратә ҳәынҭқарра зеиԥшроу. Амаркақәа ирнуп Аԥсны изызҳауа аекзотикатә шәырхкқәа. Актәи амш аконвертқәа ирнуп ареспублика аҭыԥ ԥшӡарақәа рсахьақәа", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Амаркақәа ирнуп Аԥсны изызҳауа ашәырхкқәа - акиви, ахәырма, алаҳа, амушмула, афеихоа, амандарин. Марка хкыцԥхьаӡа 6300 цыра ыҟоуп. Амаркатә бӷьыцқәа - 700 цыра.
Ажьырныҳәа 22 рзы 30 шықәса ҵит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровие-Молдавиатәи Ареспубликеи Аиҩызаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеижьҭеи. Адокумент рнапы аҵарҩит Владислав Арӡынбеи Игорь Смирнови.
30 шықәса ирылагӡаны ареспубликақәа рнапы еицаҵарҩит 30 инареиҳаны адокументқәа, аекономикатә, агуманитартә, азинхьчаратә, арра-политикатә, асоциалтә сферақәа ирызку.