Аԥсны

Цандрыԥшь ауаҩ бырг аҩны далаблит

Амцакра ҟалеит ашьыжь, ажьырныҳәа 23 рзы Аҳәаатә мҩаҿы игылоу ҩ-еихагылак змоу аҩнаҿы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. 78 шықәса зхыҵуаз ахаҵа Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблан амца зыцралаз аҩны далаблит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Ахҭыс шыҟалаз азы АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит асааҭ 10:00 рзы.
Амца акит Аҳәаатә мҩаҿы игылоу аҩны актәи аихагыла ауадақәа руак. Амцарцәаҩцәа аннеи, амца ауада зегьы амҽхакны аҩбатәи аихагылахь анеира иаҿын.
Амцарцәаҩцәа ирылшеит амца арцәара.