Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: ақыҭа иацу абарақьаҭреи анхаҩы иаалыҵ аҭираҿы иҟоу ауадаҩреи ирызкны

Sputnik
Абӷархықә инхо Ахра Оҭырба арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" дасасын. Аиҿцәажәараҿы иара еиҭеиҳәеит ажьырныҳәамзазы ишьақәгылаз аԥхарра аԥсабара ишанырыз, избан ас еиԥш аҳауа аҽеиҭакра агәҭынчымра зацу, насгьы иахьынхо аҭыԥ иацу аҷыдарақәеи, ақыҭанхамҩаҿы иҟоу ауадаҩрақәеи ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.