АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аԥсны апрокуратура хада Аҟәа атәылауаҩшәҟәқәа ахьрырҭо аусбарҭа уаанӡатәи аусзуҩ Викториа Џьынџьалԥҳа лганахь ала ашьаус хацнаркит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара агәаанагарала Викториа Џьынџьалԥҳа Урыстәыла атәылауаҩ Александр Лебедев иҟынтәи аԥсуа тәылауаҩшәҟәы аиуразы иахәҭаз адокументқәа лыдылкылеит. Урҭ ирыҵанакуан Лебедев Аԥсны атәылауаҩра иоуразы атәылауаҩратә Комиссиа аҟынтәи аршаҳаҭга ԥаршеи (15.02.2021ш.).
Џьынџьалԥҳа лмаҵзуратә напынҵақәа гәцарамккәан аршаҳаҭга аиашара шьақәылмыргылеит.
Убри иахҟьаны 2021 шықәса нанҳәамзазы Александр Лебедев закәаншьаҭада Аԥсны атәылауаҩра иҭан.