Аԥсны

Аекономика аминистр Аԥсны аенергетика аҿиараз аҭагылазаашьа далацәажәеит

Аенергетика аҿиара амҩатә хсаалага аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 70 000 ҭаҩгатә хархәага
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аенергетика аҿиара амҩатә хсаалага иазԥхьагәанаҭоит раԥхьа иргыланы атарифтә политика аԥсахра ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган атәыла хада иҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҟны.
Лара лажәақәа рыла уи "Амшынеиқәафымцамч" афинанстә шьақәгылара еиҿнакаароуп, аԥареизгарагьы ҳаранакыроуп.
"Анаҩс, ҳәарада, ахархәара зҭоу афымцамч акоммерциатә ҭаҩра азҵаара иазхәыцтәуп. Ари асистема ареспубликаҿ шамахамзар иҟамызт. Аҭаҩгатә хархәагақәа рықәыргылара апрограмма ахәԥсеизгара ашьҭыхра алнаршоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Аенергетика аҿиара амҩатә хсаалага аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп 70 000 ҭаҩгатә хархәага. Апрограмма анагӡара аилахәыра ахашәалақәа акыр миллиард мааҭ рыла ашьҭахра алнаршоит ҳәа лҳәеит аминистр.
Аԥсны
Озган Аԥсны алашара аамҭеихшала арцәара изалагаз атәы лҳәеит