Аԥсны

Арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкуа рзы ахараԥсақәа 50 000 мааҭ рҟынӡа ихаргалар ауеит

Аԥсны ахада инарҭбаау аиалцәажәара мҩаԥигеит аминистррақәа, аусбараҭқәа, араионқәа рхадацәа алархәны. Иҟаҵан 2022 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкуа рзы ахараԥсақәа 12 000 мааҭ аҟынтә 50 000 мааҭ рҟынӡа ихаргалар ауеит ҳәа иҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аилацәажәараҿы.
Иара иҳәеит ААРи Аԥсны Апрокуратура хадеи рхаҭарнакцәа злахәу аусутә гәыԥ, азакәан апроект аԥсахарқәа аус рыдырулеит ҳәа.
Ахараԥса ашьҭыхра адагьы апроект аԥсахарқәа рыҟны иазгәаҭоуп амашьына арныҟәцаразы азин рымхра.
"Ҳара иҳамоуп уадаҩрак. Агәаҭара мап ацәызкыз ауаҩы, арыжәтә ыжәны атранспорт аԥсҟы икын ҳәа аус аҿы дарбахоит. Аха иҟам аихшара – анаркотикқәа зыдкылоуи арыжәтә ыжәни иҟоуи рыбжьара", - ҳәа иҳәоит Быҭәба.
Аминистр игәаанагарала, арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкуа рзы алахьыҭара ԥсраҽнынӡа амашьына арныҟәара азин рымхраҟынӡа ирӷәӷәатәуп.
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы имаҵура аанижьырц арзаҳал алаиҵеит