Аԥсны

Аԥсны 2022 шықәсазы аенергетика арҿыцраз 500 миллион мааҭ инареиҳаны иныхуп

Аԥсны аиҳабыра Урыстәыла аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит миллиардки бжаки аинфраструктуратә кредит аиуразы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik, Бадраҟ Аҩыӡба. 2022 шықәсазы 566,4 миллион мааҭ инареиҳаны иныхуп аенергетика арҿыцраз ҳәа иҳәеит атәыла ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҟны аԥыза-министр Александр Анқәаб.
"Амҩатә хсаалага аԥҵан афымцамч аиҭашьақәыргыларазы, ишьақәырӷәӷәан атарифтә политика хәышықәсатәи ауснагӡатә, афымцахархәара аҭаҩразы ахархәагақәа раахәара апрограмма. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иаахәоуп раԥхьатәи 9 000 хархәага. Иааиуа ашықәс азы иаахәахоит аҽа 10 000 хархәага", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Иара иҳәеит 2023 шықәсазы ари аус ишазоужьу 200 миллион мааҭ.
"Убри азы ҳара Урыстәыла аиҿцәажәарақәа мҩаԥаҳгоит миллиардки бжаки аинфраструктуратә кредит аиуразы" - иҳәеит Александр Анқәаб.
Аиҳабыра рхада иҳәеит ишхымԥадатәиу афымцаҳақәа реиҭашьақәыргылара, афымцахархәара аҭаҩра, ашәарақәа риезгара аизырҳара.
Аԥсны
Аекономика аминистр Аԥсны аенергетика аҿиараз аҭагылазаашьа далацәажәеит