Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы имаҵура аанижьырц арзаҳал алаиҵеит

Аԥсны ашықәс ҿыц ҳҭалазар аԥсҭбарақәа зцу амҩан амашәырқәа маҷымкәа иҟалахьеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба имаҵура аанижьырц арзаҳал алиҵеит ҳәа иҳәеит Аԥсны ААР аминистр Вальтер Быҭәба атәыла ахада иҟны имҩаԥысуаз аилацәажәараҟны.
Агрба имаҵура ааныжьра мзызс иамоуп амҩаҿ иҟоу аҭагылазаашьа.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит уаанӡа Аԥсны ААР анапы ишанҵаз амҩан иҟало амашәырқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра, 2022 шықәсазы 2021 шықәса иаҿырԥшны амашәырқәа шеиҳахаз.