Аԥсны

Гарик Сангәлиа аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп

Абри азы атәыла ахада аусԥҟа инапы аҵеиҩит ажьырныҳәа 23 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24- Sputnik. Гарик Сангәлиа Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит ахаад ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа бри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит ажьырныҳәа 23 рзы.
Гарик Сангәлиа – ААУ аҭоурых факультет аҟны аҭоурыхи, археологиеи аетнологиеи рырҵаҩыс дыҟоуп. 1983 шықәса аахыс аҭҵаарадырра инапы алакуп археологиа, аԥсуа бызшәадырра, кавказдырра рганахь ала.
Аԥсни анҭыҵи аконференциақәа, аконгрессқәа, асеминарқәа дрылахәхахьеит, ареспубликаҿы археологиатә жрақәа напхгара риҭон.