Апоет, абард: Владимир Высоцки иархивтә фотосахьақәа

85 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 25 рзы диит асоветтә поет, актиор, ашәақәа равтор, ашәаҳәаҩ Владимир Высоцки.
Sputnik
Sputnik ишәыднагалоит апоет лассы-ласс дызҭаауаз Аԥсны дшазыҟази, инысымҩа аҟынтәи аинтерес зҵоу афактқәеи.
1968 шықәса инаркны Высоцки есышықәса Аԥсны аҳҭнықалақь даҭаауан. Иара дызҭаз Ҟрым-Кавказтәи ахырхарҭала иныҟәоз аӷбақәа Аҟәа есымша икыдгылон.
1 / 17

Владимир Высоцки диит Москва ажьырныҳәа 25 1938 шықәсазы, Нинеи Семиони Высоцки рҭаацәараҟны.

2 / 17

1941 шықәсазы апоет иаб афронт ахь иԥхьоит. Аибашьра ашьҭахь Высоцки иҭаацәа еилыҵуеит. Аусӡбамҭала Володиа нхара иаби ианԥсеи рахь диасуеит.

3 / 17

Заԥхьаҟа ишәаҳәаҩхараны иҟаз, данқәыԥшыз абокси аспорттә кробатикеи иҿазыҟаиҵон.

4 / 17

1956 шықәсазы Владимир еицырдыруаз атеатралтә ҵараиурҭа, МХАТ ашкол-студиа дастудентхоит.

5 / 17

Владимир Высоцки раԥхьа аԥышәарахь даннеи, акомиссиа алахәылацәа ари аҩыза абжьы уманы узышәаҳәаҩхом ҳәа иарҳәеит.

6 / 17

Владимир Высоцкии Марина Влади реизыҟазаашьа аҭоурых, Асовет еидгыла аҟны зегь раасҭа иԥшӡаз, иагьгәыхьхаз хҭысхеит. Апоет Марина раԥхьаӡа дибеит акиноекран аҟны, 1970 шықәсазы рыԥсҭазаара еиларҵоит. Лара ахԥатәи иагьҵыхәтәантәиз иԥшәмаԥҳәыс лакәын.

7 / 17

Высоцкии Владии 70-тәи ашықәсқәа рзы лассы-ласс Аԥсныҟа иаауан. Еиҳарак раара амшинеиқәатәи акруизқәа ирыдҳәалан.

8 / 17

Аԥхын 1972 шықәсазы Высоцки Аԥсныҟа дааит Марина Влади длыцны адизельӷба "Шьоҭа Руставели" ала. Усҟан апоет еиҳарак аӷбаҿы акәын иаамҭа ахьихигоз, акрыфаразы акаҳуажәырҭақәа рахь днеилон, хәылбыҽхала аконцертқәа аӷбаҿы имҩаԥигон.

9 / 17

Ақалақьахь ицәырҵуан ақьафурҭа "Нарҭаа" аҿы акрырфараз.

10 / 17

Высоцкии Влади Аԥсны аҩызцәа дырҳаит.

11 / 17

Владимир Высоцки Пицунда амшын аҵа дхәыҵалеит.

12 / 17

1972 шықәса, Высоцки Аԥсны даныҟаз.

13 / 17

Араҟа иара иазгәаҭамыз аконцерт мҩаԥигеит.

14 / 17

Дықәгылеит Аҟәатәи афизико-техникатә институт аҟны.

15 / 17

Владимир Высоцки Асовет Еидгылеи уи анҭыҵи рыҟны зқьы инареиҳаны аконцертқәа мҩаԥигахьан.

16 / 17

1964 шықәса инаркны Владимир Высоцки Таганка Москватәи атеатри адрамеи акомедиеи аҟны аус иуан. Ԥхынгәы 18 1980 шықәсазы аҵыхәтәантәи ироль Гамлет наигӡеит.

17 / 17

Ашьыжь ԥхынгәы 25 1980 шықәсазы апоет идунеи иԥсахуеит. Высоцки аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагараз агәаран иқәгылаз 9 километрак инаӡон.