https://sputnik-abkhazia.info/20230125/1043800630.html
Апоет, абард: Владимир Высоцки иархивтә фотосахьақәа
Апоет, абард: Владимир Высоцки иархивтә фотосахьақәа
Sputnik Аҧсны
85 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 25 рзы диит асоветтә поет, актиор, ашәақәа равтор, ашәаҳәаҩ Владимир Высоцки. 25.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-25T21:45+0300
2023-01-25T21:45+0300
2023-01-26T11:40+0300
афотосахьақәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102393/31/1023933170_0:167:3000:1855_1920x0_80_0_0_bb8e287c4ff02f20f1d2ecb6a70b1b62.jpg
Sputnik ишәыднагалоит апоет лассы-ласс дызҭаауаз Аԥсны дшазыҟази, инысымҩа аҟынтәи аинтерес зҵоу афактқәеи.1968 шықәса инаркны Высоцки есышықәса Аԥсны аҳҭнықалақь даҭаауан. Иара дызҭаз Ҟрым-Кавказтәи ахырхарҭала иныҟәоз аӷбақәа Аҟәа есымша икыдгылон.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102393/31/1023933170_152:0:2848:2022_1920x0_80_0_0_40b617572db18f0dc002708360aacd1b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, акультура
фото, афотосахьақәа, акультура
Апоет, абард: Владимир Высоцки иархивтә фотосахьақәа
21:45 25.01.2023 (ирҿыцуп: 11:40 26.01.2023) 85 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 25 рзы диит асоветтә поет, актиор, ашәақәа равтор, ашәаҳәаҩ Владимир Высоцки.
Sputnik ишәыднагалоит апоет лассы-ласс дызҭаауаз Аԥсны дшазыҟази, инысымҩа аҟынтәи аинтерес зҵоу афактқәеи.
1968 шықәса инаркны Высоцки есышықәса Аԥсны аҳҭнықалақь даҭаауан. Иара дызҭаз Ҟрым-Кавказтәи ахырхарҭала иныҟәоз аӷбақәа Аҟәа есымша икыдгылон.

Владимир Высоцки диит Москва ажьырныҳәа 25 1938 шықәсазы, Нинеи Семиони Высоцки рҭаацәараҟны.

1941 шықәсазы апоет иаб афронт ахь иԥхьоит. Аибашьра ашьҭахь Высоцки иҭаацәа еилыҵуеит. Аусӡбамҭала Володиа нхара иаби ианԥсеи рахь диасуеит.

Заԥхьаҟа ишәаҳәаҩхараны иҟаз, данқәыԥшыз абокси аспорттә кробатикеи иҿазыҟаиҵон.

1956 шықәсазы Владимир еицырдыруаз атеатралтә ҵараиурҭа, МХАТ ашкол-студиа дастудентхоит.

Владимир Высоцки раԥхьа аԥышәарахь даннеи, акомиссиа алахәылацәа ари аҩыза абжьы уманы узышәаҳәаҩхом ҳәа иарҳәеит.

Владимир Высоцкии Марина Влади реизыҟазаашьа аҭоурых, Асовет еидгыла аҟны зегь раасҭа иԥшӡаз, иагьгәыхьхаз хҭысхеит. Апоет Марина раԥхьаӡа дибеит акиноекран аҟны, 1970 шықәсазы рыԥсҭазаара еиларҵоит. Лара ахԥатәи иагьҵыхәтәантәиз иԥшәмаԥҳәыс лакәын.

Высоцкии Владии 70-тәи ашықәсқәа рзы лассы-ласс Аԥсныҟа иаауан. Еиҳарак раара амшинеиқәатәи акруизқәа ирыдҳәалан.

Аԥхын 1972 шықәсазы Высоцки Аԥсныҟа дааит Марина Влади длыцны адизельӷба "Шьоҭа Руставели" ала. Усҟан апоет еиҳарак аӷбаҿы акәын иаамҭа ахьихигоз, акрыфаразы акаҳуажәырҭақәа рахь днеилон, хәылбыҽхала аконцертқәа аӷбаҿы имҩаԥигон.

Ақалақьахь ицәырҵуан ақьафурҭа "Нарҭаа" аҿы акрырфараз.

Высоцкии Влади Аԥсны аҩызцәа дырҳаит.

Владимир Высоцки Пицунда амшын аҵа дхәыҵалеит.

1972 шықәса, Высоцки Аԥсны даныҟаз.

Араҟа иара иазгәаҭамыз аконцерт мҩаԥигеит.

Дықәгылеит Аҟәатәи афизико-техникатә институт аҟны.

Владимир Высоцки Асовет Еидгылеи уи анҭыҵи рыҟны зқьы инареиҳаны аконцертқәа мҩаԥигахьан.

1964 шықәса инаркны Владимир Высоцки Таганка Москватәи атеатри адрамеи акомедиеи аҟны аус иуан. Ԥхынгәы 18 1980 шықәсазы аҵыхәтәантәи ироль Гамлет наигӡеит.

Ашьыжь ԥхынгәы 25 1980 шықәсазы апоет идунеи иԥсахуеит. Высоцки аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагараз агәаран иқәгылаз 9 километрак инаӡон.