Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистр Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭа даҭааит

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба усутә ныҟарыла Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭа даҭааит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Очамчыра араион аҿы заҵәык ауп ацхыраара ласы амаҵзура ахьыҟам ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭа иаҭаараан.

Иара иажәақәа рыла, ари аԥаразоужьра цҵеи азыԥҵәа цҵақәеи ирызҵаароуп, араион ахадеи атәыла ахадеи рыҩаӡарала иӡбтәуп.

Быҭәба иҳәеит ԥхьаҟа амедусҳәарҭақәа зегьы рцентрализациа азҵаара шышьҭыххо.
Медусҳәарҭақәак ишиашоу аминистрра анапаҵаҟа иҟоуп, иҟоуп араионқәа рхадацәа рнапаҵаҟа иҟоугьы.
Аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариаԥҳа лажәақәа рыла ахәшәтәырҭаҿ ихымԥадатәуп ахирургиа аҟәша аиҭашьақәыргылара, араион ауааԥсыра Аҟәаҟа имцакәа аҭыԥ аҿы ацхыраара роуларц.
Лара иара убасгьы еиқәылыԥхьаӡеит ахәшәтәырҭа иамоу ауадаҩрақәа ртәы:
иаахәатәуп акардиограф,
аштат далаҵатәуп арентгенолог,
ахәыҷтәы ҟәшазы акомпиутори апринтери аахәатәуп,
иаахәатәуп аультрабжьытә диагностика аппарат.