Аԥсны

Аԥсны СПИД-центр амаруга ҿыц аҭоуп

1,5 миллион иаԥсоу амаруга ацентр иаиҭеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра алабораториатә маруга ҿыц аахәаны СПИД ҿагылареи азԥхьагәаҭареи рзы Ареспубликатә центр ипнпҭеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Ҳмедицина аҩаӡара ҳаракқәа рахь ииасыроуп. Ари ахықәкы анагӡара атәыла анапхгара сҿаԥхьа иқәнаргылеит. Агәра згоит напеилаԥсала уи анагӡара шалҳаршо", - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.
Амыруга 1,47 миллион мааҭ иаԥсоуп. Ацентр аҳақьым хада Наҭелла Топуриа лажәақәа рыла, уажәшьҭарнахыс ауааԥсыра хаҭабзиарала рымаҵ рулоит.