Аԥсны

Аҳәынҭқарратә маӡа амазаара зылшоз ҩыџьа урыстәылауаа закәаншьаҭада Аԥсныҟа иҭалеит

Аоперативтә мҩаԥгара нанагӡон Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ аусбарҭа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә маӡа амазаара зылшоз ҩыџьа урыстәылауаа закәаншьаҭада Аԥсны аҵакырахь иҭалеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аусӡбарҭақәа рыпресс-маҵзура.

Алада Новгороди Краснодари инхоз ҩыџьа урыстәылауаа аҳәынҭқарратә маӡа иатәу адокуметқәа рдыррақәа риура ахьрылшоз амаҵзурақәа рҟны аус руан.

Дара русурақәа ианрымырх Урыстәыла аҵакыра ааныжьра азин рымамызт. Аха иаҳхысыз ашықәс аԥхынразы уи еиларгеит. Зус рыӡбуа рхара рыдыркылеит.
Дара 250 – 250 нызқьмааҭ ахараԥса ршәароуп.